Апартиа "Қырҭтәылазы" аҟынтә Қарҭ ахада иҭыԥ азы дықәдыргылеит Гьаргь Гахариа икандидатура
Апартиа “Қырҭтәылазы” аҟынтә Қарҭ ахада иҭыԥ азы дықәдыргылеит Гьаргь Гахариа икандидатура.
Гьаргь Гахариа иҟаиҵаз аҳәамҭала, иахьа апартиа “Қырҭтәылазы” зреитинг иазҳауа партиа заҵәык ауп.
“Амобилизациа ҳалагоит, Қарҭ мацара акәымкуа, Қырҭтәыла апункт цыԥхьаӡаҿ ақәԥара ишахәҭоу еиԥш наҳагӡоит. Ҳгәыԥ алахәылацәа рахь ааԥхьара ҟасҵоит, аҵабырг акоуп. Иахьа “Ақырҭуа гәахәтәы” изхагылоу аҳәынҭқарраҿ атәылауаа ирҿагыло абосцәа раҵәаҩуп…
Қарҭ ахада иҭыԥ аанкыларазы ақәԥара салагоит,” – иҳәеит Гахариа.