Апартиа «Гахариа Қырҭтәылазы» Гьаргь Гахариа иқәлара иадҳәаланы аҳәамҭа иаланарҵәеит
Апартиа «Гахариа Қырҭтәылазы», асоциалтә аҳа Х аҿы, Гьаргь Гахариа иқәлара иадҳәаланы аҳәамҭа иаланарҵәеит.
«Баҭым, Иванишвили ирежим анапхгарала, гәыҧҩык ауааҧсыра, апартиа «Қырҭтәылазы» алидер, ҧасатәи аҧыза-министр Гьаргь Гахариа иқәлеит. Гьаргь Гахариа Баҭым, закәандарала иаанкылаз ҳпартиа аҿартә аиҿкаара алахәылацәа русӡбаратә процессаҿ дыҟан, убасҟан ауп абри амчыларатә акт аныҟалаз.
Апартиа «Гахариа Қырҭтәылазы» зыҧшра ҟамҵакәа шьаҭанкыла абри агәымбылџьбаратә ақәлара аҭҵаареи, изхароу ауаа зегьы аҭакҧхықәра рыдҵареи иаҳәоит.
Аполитикатә ашьаҭа змоу ари ақәлара аоппозициаа рыршәароуп изызкыз. Абри аҩыза амчылара Қырҭтәыла адемократиатә европатәи аҧеиҧш иазықәҧо абыжьқәа рхәаҽра залшом», — иануп апартиа аҳәамҭаҿы.