Апартиа «Гахариа Қырҭтәылазы» алахәылацәа Америка Аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнакцәа ирҧылеит
Апартиа «Гахариа Қырҭтәылазы» алахәылацәа – ақырҭуа парламент адепутат Гьаргь Шарашиӡеи апартиа аполитхеилак алахәыла Ана Буҷукурии Америка Аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнакцәа – Чарльз Иоки Петр Андреоли ирҧылеит. Аиҧылара мҩаҧган Қырҭтәыла апарламент аҿы.
Ари аинформациа аланарҵәеит апартиа «Гахариа Қырҭтәылазы».
«Аиҧылараҿы апартиа «Гахариа Қырҭтәылазы» аусура иалацәажәеит. Хшыҩзышьҭра ҷыда азун Қырҭтәыла адәныҟатәи аполитикеи, иара убас, Урыстәылеи Аахыҵ Уаҧстәыла автономтә республикеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра ақәҿыҭра амзызла апартиа ицәырнагаз арезолиуциеи. Рыцҳарас иҟалаз, “Ақырҭуа гәахәтәы” ахаҭарнакцәа ари аиқәшаҳаҭра иадҳәаланы ҳәамҭакгьы ҟарымҵацт», – иануп апартиа аҳәамҭаҿы.