Апартиа «Гахариа - Қырҭтәылазы» адебатқәа ирыдҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит
Апартиа «Гахариа – Қырҭтәылазы» анапхгаратә партиаҟны адебатқәа ирыдҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.
«Адебатқәа ирыдҳәаланы ҳпозициа еилкаауп — адебатқәа адемократиатә процесс иузалымхуа хәҭоуп, ҳара еснагь иаарту адискуссиа ҳазыхиоуп. Убри азоуп иахьа апарламентаҿ ҳзыҟоу.
Ҳәарада, адебатқәа ҳрышәаҳаҭуп, аха, «Русҭави 2» иҳаднагало аформат ҳазыразым, избанзар, уаҟа “Ақырҭуа гәахәтәы” иадгыло апартиақәа иҟазароуп, уи пропагандоуп. “Ақырҭуа гәахәтәы” ахаҭарнакцәа дара ртелеканал аҿгьы рпартиақәа рыда адебатқәа рзымҩаҧырымгар, агха ду ҟарҵоит.
Даҽазнык ишьақәҳарҕәҕәоит — ҳара иарбанзаалак аканалаҿ, ишиашо аефираҿ анапхгаратә партиа ахаҭарнакцәа рҟны адебатқәа рымҩаҧгара ҳазыхиоуп», — иануп аҳәамҭаҿы.