Апарламенттә алхрақәа ирызкны ақырҭуа оппозициатә ԥшьеидгылак Жозеп Боррели Евреоидгыла иалоу атәылақәа рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа рахь ааԥхьара ҟарҵеит
Апарламенттә алхрақәа ирызкны ақырҭуа оппозициатә ԥшьеидгылак Жозеп Боррели Евреоидгыла иалоу атәылақәа рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа рахь ааԥхьара ҟарҵеит

Жьҭаара 26 рзы имҩаԥгаз апарламенттә алхрақәа ирыдҳәаланы, акоалициа “Аԥсахразы”,  апартиа “Акзаара – амилаҭтә ҵысра”, “Иӷәӷәоу Қырҭтәыла”, апартиа “Қырҭтәылазы” Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадаратә политикеи рзы иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жосеп Боррелли, иара убас Евреоидгыла иалоу атәылақәа рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа рахь ааԥхьара ҟарҵеит.

“Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рзы Ахеилак аҿы Қырҭтәыла имҩаԥгаз апарламенттә алхрақәа ирызкны  имҩаԥгаз аиԥылара инамаданы, атәылаҿы иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа аганахьала Европа иадгыло аполитикатә партиақәа рпозициа шәзааҳарԥшыр ҳҭахуп. Заанаҵтәи алҵшәақәеи ихьыԥшым анализқәеи шьаҭас аҭаны иҳамоу адыррақәа рыла, аоппозициа инеизакны абжьқәа 52% аиур акәын. Аха алхрақәа даҽа алҵшәа рымоуп, ари европатәи ҳԥеиԥш аԥырхага ду азаанагоит, иара убас Копенгагентәи акритериқәеи Евроеидгыла иҳанашьаз акандидат астатус аиуразы иаҭаху апринципқәеи ирҿагылоит.

Аҭыԥ аман алхрақәа рылҵшәақәа зегьеицырзеиԥшу реилахәара. Edison Research-и Harris-и, «Transparency International Қырҭтәылеи» рдыррақәа рыла, иара убас астатистикатә дыррақәа рыла, иҭаҩуп абжьыҭира амаӡара аилагара 120 000 фактқәа, алхыҩцәа рхаҭалатәи аинформациа аԥаршеира 50 000 фактқәа, алхратә комиссиа алахәылацәа  82% ишиашоу аимадара рыман анапхгаратә партиаҟны, 2 500-ҩык анаԥшцәа русзура ирԥырхагон, алхырҭақәа 60% рҿы аҭыԥ аман закәандаралатәи авидеоԥыԥшра.

Хыхь ҳзыхцәажәаз зегьы иазыԥхьагәаҭаны, Евроеидгыла ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит:

1. 2024 шықәсазы алхрақәа раан аҩныҵҟатәии адәныҟатәии апроцессқәа рҽалагалара анализ азуразы Евроеидгыла иашьашәалоу амиссиа еиҿышәкаарц.
2. Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааԥхьара ҟашәҵарц, жьҭаара 26 рзы иалху апарламент еизырымгарц.
3. Иаартны ишәҳәарц  Қырҭтәыла Евроеидгыла ашҟа аинтеграциа адемократиатә стандартқәа рықәымныҟәара иахҟьаны иаанкыланы ишыҟоу.
4. Аиҳабыраҟны иарбанзаалак аимадара аанышәкыларц, Евроеидгыла-Қырҭтәыла Ассоциациа Ахеилак аилатәарақәеи аполитикатә диалоги уахь иналаҵаны, ихьыԥшым аҭҵаара амҩаԥгара иақәшаҳаҭхаанӡа.
5. Аиҳабыразы афинанстә цхыраара аанышәкыларц.