Апарламент  „Атәым анырра аартызаара иазку“ азакәанпроект аҩбатәи аҧхьарала иадгылеит
Апарламент  „Атәым анырра аартызаара иазку“ азакәанпроект аҩбатәи аҧхьарала иадгылеит

Апарламент алахәылацәа, апленартә аилатәараҿы,  „Атәым анырра аартызаара иазку“ азакәанпроект аҩбатәи аҧхьарала иахәаҧшны, иадгылеит.

Арегистрациа иахысит 106ҩык адепутатцәа. Азакәанпроект иадгылеит  83ҩык адепутатцәа,  23ҩык иаҿагылеит.

Аамҭакала, апарламент, Ҭеона Ақубардиа иқәлыргылаз альтернативтә ажәалагала иақәшаҳаҭымхеит.

Азакәанпроект инақәыршәаны,  „атәым мчы аинтересқәа мҩаҧызго аиҿкаара“ аҳасабала иазхаҵоу  аиҿкаара аҳәынҭқарратә реестраҿ ашәҟәы иҭагалазароуп,  арегистрациаан хымҧада иарбазароуп афинансыркра иазку аинформациа наӡа. Иара убас, зыӡбахәы ҳәоу аиҿкаарақәеи амедиахархәагақәеи, хымҧада, есышықәса, афинанстә декларациа хадырҭәаароуп.

Еиқәыҧхьаӡоу аҭагылазаашьақәа назымгӡо аиҿкаарақәеи амедиахархәагақәеи 25 нызқь лари аҟынӡа  ахараҧса ашәара рықәшәоит.