Апарламент аҧхьа имҩаҧысуаз амитинг хыркәшоуп
Апарламент аҧхьа имҩаҧысуаз амитинг хыркәшоуп

Қырҭтәыла апарламент аҧхьа имҩаҧысуаз амитинг хыркәшоуп.

Иахьатәи акциа мҩаҧган  Украина аибашьра ианалага инаркны шықәсык аҵра инамаданы.

Амитинг мҩаҧысуан ақырҭшәалеи аукраин бызшәалеи. Акциа рхы аладырхәит Қырҭтәылеи Украинеи ртәылауааи аполитикатә партиақәа рхаҭарнакцәеи.

Киевнтә амитинг алахәылацәа рҿаҧхьа иқәгылеит Киев ахада Витали Кличкои  апартиа «Дроа» алидер Елене Хоштариеи.

Амитинг аҿы минуҭтәи аҿымҭрала ҳаҭырла иргәаладыршәеит Украина иҭахаз ақырҭуа аибашьцәа.