Апарламент аоппозициатә 3 еидҵарак 49ҩык рылахәылацәа рдепутаттә зинмчқәа ааннакылеит
Апарламент аоппозициатә 3 еидҵарак 49ҩык рылахәылацәа аҿҳәараанӡа рдепутаттә зинмчқәа ааннакылеит. Ари азҵааразы абжьыҭира мҩаҧган абиуро иахьатәи аилатәараҿы.
Аоппозициатә 3 еидҵарак — «Аиҭакрақәа рзы акаолициа — Гварамиеи, Мелиеи, Гирчи», «Қырҭтәыла ҕәҕәа — Лело», «Иаку амилаҭтә ҵыра» — рдепутаттә зинмчқәа раанкыларазы апарламент арзаҳал аларҵеит. Апартиа «Гахариа Қырҭтәылазы» ахаҭарнакцәа апарламент ааларазы мап ркит, аха, рдепутаттә зинмчқәа раанкыларазы аофициалла апарламент арзаҳал аларымҵеит.