Апарламент  «Адырраҭара иазку» азакәан иалагалоу аҧсахрақәа ирықәшаҳаҭхеит
Апарламент  «Адырраҭара иазку» азакәан иалагалоу аҧсахрақәа ирықәшаҳаҭхеит

Апарламент  «Адырраҭара иазку» Қырҭтәыла азакәан аҧсахрақәа алагалара иақәшаҳаҭхеит.

Зыӡбахәы ҳәоу аҧсахрақәа адырраҭара афинансыркра апҟара иазкуп. Азакәан ҿыц инақәыршәаны, адырраҭара афинансыркра уажәтәи анорма иҧсахуп, уажәтәи анормала иазҧхьагәаҭан атәыла аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа аҟынтәи 0,14% еиҵамкәа адырраҭара азоушьҭра.

Ауаажәларратә дырраҭара афинансыркра аформула ҿыц инақәыршәаны,  2026 шықәса инаркны, адырраҭара афинансыркра,  Астатистика амаҵзура адыррақәа инрықәыршәаны атәылаҿы аусурҭа змоу ауааҧсыра рхьыҧхьаӡара иахьыҧшызаауеит. Насгьы, Ауаажәларратә дырраҭара афинансыркра аиҵатәра ҟалоит Ахылаҧшратә хеилак ақәшаҳаҭра мацарала.

Зыӡбахәы ҳәоу анормақәа амч роуеит  2026 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны.