Аоппозициатә хеидҵарак Европа ахеилак Апарламенттә ассамблеиа ахадеи апарламенттә фракциақәа рахь ааԥхьара ҟарҵоит "апарламенттә" делегациа зинқәа иазхарымҵар
Аоппозициатә хеидҵарак Европа ахеилак Апарламенттә ассамблеиа ахадеи апарламенттә фракциақәа рахь ааԥхьара ҟарҵоит "апарламенттә" делегациа зинқәа иазхарымҵар

Аоппозициатә хеидҵарак Европа ахеилак Апарламенттә ассамблеиа ахадеи апарламенттә фракциақәа рахь ааԥхьара ҟарҵоит “апарламенттә” делегациа зинқәа иазхарымҵар.

“Ҳаҭыр зқәу ахада, ҳара, Қырҭтәыла аполитикатә партиақәа рхаҭаҭарнакцәа, шәара шәахь ааԥхьара ҟаҳҵоит Европа ахеилак Апарламенттә ассамблеиа аҿы Қырҭтәыла аделегациа зинқәа азхаҵара ашәымҭарц, избан акәзар 2024 шықәса жьҭара 26 рзы апарламенттә алхрақәа жәларбжьаратәи стандартқәеи ақырҭуа жәлар рҭахреи ирҿагыланы, еилагарақәа рыла мҩаԥган. Алхрақәа реилахәара иалҵшәаны ишьаҭарнык “апарламент”, далхын “ахада”. Ассамблеиаҿ “Ақырҭуа гәахәтәы” аанарԥшуа аделегациа зхала зхы рылазҳәаз арежим ахаҭарнакцәа роуп.

Атәылаҿ адемократиа арегресс иахҟьаны, “Ақырҭуа гәахәтәы” алидерцәеи Биӡина Иванишвилии жәларбжьаратәи асанкциақәа рықәуп.

Идҵаны иқәҳаргылоит:

  1. Зыԥшра ҟамҵакәа аполитикатә баандаҩцәа зегьы рхақәиҭтәра;
  2. Зхы иақәиҭу, ииашоу, иҿыцу алхрақәа рымҩаԥгара”, – иануп аҳәамҭа аҿы.