Аоппозициатә аапартиак егьырҭ аоппозициатә партиақәеи аполитикцәеи рахь ааԥхьара ҟарҵоит жьҭаара 4 рзы имҩаԥысран иҟоу алхрақәа рҽалархәра мап ацәыркырц
Қырҭтәыла атәылауаҩреи атәылауаҩшәҟәи, ақырҭуа ҭаацәарақәеи аҵак ду змоу аоппозициатә партиақәеи аполитикцәеи рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит цәыббра 13 рзы еизаны, Иванишвилии ибандеи Қырҭтәыла шракәум ааҳарԥшырц, – иануп апартиа “Дроа” алидер Елене Хоштариа иҟалҵаз аҳәамҭа аҿы.
Аҳәамҭаҿ ишану ала, аоппозициатә аапартиак егьырҭ аоппозициатә партиақәеи аполитикцәеи рахь ааԥхьара ҟарҵоит жьҭаара 4 рзы имҩаԥысран иҟоу алхрақәа рҽалархәра мап ацәыркырц.
Арҭ апартиақәа роуп: “Ахақәиҭра ашҭа”, “Гирчи иаҳа ирацәаны ахақәиҭра”, “Дроа”, “Иаку амилаҭтә ҵысра”, “Ахали”, “Астратегиа Аӷмашенебели”, “Афедералистцәа”, “Европатәи Қырҭтәыла”.