Аоппозициа ахаҭарнак Ҭемур Гәлиа – Аҧсны ахада инапынҵақәа рышьҭаҵара иазку аҳәара наимгӡар, акоординациатә хеилак ала аамҭалатәи аиҳабыра еиҿаҳкаауеит
Аҧсны ахада инапынҵақәа рышьҭаҵара иазку аҳәара наимгӡар, акоординациатә хеилак ала аамҭалатәи аиҳабыра еиҿаҳкаауеит, – иҳәеит аоппозициа ахаҭарнак Ҭемур Гәлиа аурыс ҭыжьымҭа TASS аинтервиу анеиҭоз.
„Аҧсны ахада хәылбыҽханынӡа инапынҵақәа шьҭеимҵар, акоординациатә хеилак ала аамҭалатәи аиҳабыра еиҿаҳкаауеит, аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа зегьы ҳрыҳәоит аусура нарыгӡарц, ҳара аҳәынҭқарратә напхгараҭара апринципқәа рықәныҟәара ҳахылаҧшуеит“, – иҳәеит Гәлиа.
Иара убас, Гәлиа ишиҳәаз ала, „аоппозициаа Аҧсны аҳәынҭқарратә теле-радиоеилахәырақәа рҟынтә амаксималтә обиективра иаҳәоит“.
„Уажәы дара аиҳабыра ирыдгылоит, ҳара Аконституциа еилазго аекстремистцәа реиҧш ҳаадырҧшуеит, хара имгакәа ажәлар рҕацәа ҳәа иаҳзырҳәаргьы ҟалап“, – иҳәеит „Аветеранцәа реидгыла“ ахантәаҩы.