Аопера атеатр аҿы ахада имҩаԥылгаз ауснагӡатә аҿы аԥсуа "Шьышь-нани" нагӡан
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили мшаҧы 9 рзы аҳәса дырԥылеит. Аопереи абалети ртеатр аҿы имҩаԥгаз аиԥылараҿ Қырҭтәыла ахада атәылаҿ имҩаԥысуа апроцессқәа рҿы аҳәса инарыгӡо ароль хада дахцәажәеит.
Аиԥылара асасцәа рзы асценаҿ иқәгылеит Гортәи аҳәса ргәыԥ, урҭ инарыгӡаз акомпозициақәа иреун аԥсуа “Шьышь-нани”.