Аофициалтә дыррақәа рыла, Қырҭтәыла алаҵақәа ҟарҵахьеит 1 326 033​-ҩык, цәыббра 5 рзы алаҵа рзыҟаҵан 16 298-ҩык
Аофициалтә дыррақәа рыла, Қырҭтәыла алаҵақәа ҟарҵахьеит 1 326 033​-ҩык, цәыббра 5 рзы алаҵа рзыҟаҵан 16 298-ҩык

Цәыббра 6 рзы иҟоу аофициалтә дыррақәа рыла, Қырҭтәыла алаҵақәа ҟарҵахьеит  1 326 033​​-ҩык ауааҧсыра,  – ари атәы аарыцҳаит Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр аҟынтә.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла алаҵа рзыҟаҵан 16 298-ҩык. Қырҭтәыла дозак рзыҟаҵоуп 845 420-ҩык – зықәра наӡоу ауааԥсыра 29.6%, аҩ дозак рзыҟаҵоуп  480 613-ҩык – зықәра наӡоу ауааԥсыра  16.8%.

Иасыз уахи-ҽни рыла Қырҭтәыла акоронавирус  1 120 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 4 905-ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит, иԥсит 61-ҩык.