Антонио Гутиеррес Лимонес – Қырҭтәыла Евроеидгыла алахәылас иҟалароуп,  атәыла ирласӡаны ари ахықәкы нанагӡап ҳәа сгәыҕуеит
Антонио Гутиеррес Лимонес – Қырҭтәыла Евроеидгыла алахәылас иҟалароуп,  атәыла ирласӡаны ари ахықәкы нанагӡап ҳәа сгәыҕуеит

 

«Испаниа Қырҭтәыла иадгылоит, шәтәыла Евроеидгыла иалалароуп ҳәа ҳгәы иаанагоит», — иҳәеит испаниатәи апарламент алахәыла,  Европа Ахеилак аҿы испаниатәи аделегациа анапхгаҩы  Антонио Гутиеррес Лимонес Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу анеиҭоз.

Иара иажәақәа рыла,  Испаниеи Қырҭтәылеи ҕәҕәала аус еицыруеит.

«Европа Ахеилак аҟынтә Қырҭтәыла ацхраара ҳалшап ҳәа сгәы иаанагоит,  ареформақәа ирласны рымҩаҧгара апроцесс аҿгьы.  Ҳара ари азҵааразы аус еицаауеит. Қырҭтәыла абри амҩа ирласӡаны иахысны,  аҵыхәтәантәи ахықәкы нанагӡап ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит  Антонио Гутиеррес Лимонес.