Анри Оханашвили Америка ацҳаражәҳәарҭаҿ иҟоу азинтә зҵаарақәа рзы ФБР атташе диҧылеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахантәаҩы Анри Оханашвили Америка ацҳаражәҳәарҭаҿ иҟоу азинтә зҵаарақәа рзы ФБР атташе Алеқсандр Тигаис диҧылеит.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациа ишану ала, аганқәа рхаҭарнакцәа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи ФБРи қәҿиарала русеицуреи наҟ-наҟ аусеицураҿы аҧыжәара зауа ахырхарҭақәеи ирылацәажәеит.
«Иаҵшьны иазгәаҭан атәылақәа рыбжьара апартниортә еизыҟазаашьақәа рҵакы, иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа аусеицура арҭбааразы иҟоу алшарақәеи наҟ-наҟтәи апланқәеи ирзааҭгылеит.
Америка ацҳаражәҳәарҭаҿы иҟоу ФБР атташе Алеқсандр Тигаис Анри Оханашвили Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахантәаҩыс иҟаҵара идныҳәаланы, ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.
Аиҧылара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ Иракли Бераиеи, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Гела Гелаӡеи, Атерроризм аҿагылара ацентр адиректор Бача Мгелаӡеи, ФБР атташе ихаҭыҧуаҩ Семуел Ҳенкси», — иануп аинформациаҿы.