Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы  Анри Оханашвили Қырҭтәыла иҟоу Азербаиџьан ацҳаражәҳәаҩ  Фаиг Гулиев диҧылеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы  Анри Оханашвили Қырҭтәыла иҟоу Азербаиџьан ацҳаражәҳәаҩ  Фаиг Гулиев диҧылеит

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы  Анри Оханашвили Қырҭтәыла иҟоу Азербаиџьан ацҳаражәҳәаҩ  Фаиг Гулиев диҧылеит. Аиҧылара ихы алаирхәит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы актәи ихаҭыҧуаҩ Иракли Бераиа.

Аганқәа рхаҭарнакцәа ашәарҭадара аусхкы аҿы Қырҭтәылеи Азербаиџьани русеицура ахадаратә хырхарҭақәеи, арегионаҿ аҭагылазаашьеи, иара убас, аҩ-тәылак рҿаҧхьа иқәгылоу апроблемақәеи ашәарҭақәеи ирылацәажәеит.

Азербаиџьан ацҳаражәҳәаҩ Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы ҿыц ари амаҵзураҭыҧ аанкылара идныҳәаланы, ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура.