Анналена Бербок – Урыстәыла иқәнаргылаз аҳәарақәа рыла аамҭала амца аанкылара украинаа ирзеиҕьхом
Анналена Бербок – Урыстәыла иқәнаргылаз аҳәарақәа рыла аамҭала амца аанкылара украинаа ирзеиҕьхом

Германтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ишылҳәаз ала, Урыстәыла иқәнаргылаз аҳәарақәа рыла аамҭала амца аанкылара украинаа ирзеиҕьхом. Анемец АИХ адыррақәа рыла,  Анналена Бербок лгәаанагарала, Украина имҩаҧысуа аибашьра ааигәа ихыркәшахом.

«Украинаа рҭагылазаашьа цәгьоуп,   есымша ишәоит  урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа имҵадырсыр, идыргәаҟыр ма иршьыр ҳәа», — илҳәеит  Бербок.

Германтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр лажәақәа рыла, Путин иоуп ари аибашьра иалагаз,  иара иҭаххар, аибашьра хыркәшахоит.