Анналена Бербок Қырҭтәылеи Молдовеи ишәарҭам атәылақәа рсиа анҵара иазкны Германтәыла аиҳабыра ирыдыркылаз аӡбара дақәшаҳаҭуп
Анналена Бербок Қырҭтәылеи Молдовеи ишәарҭам атәылақәа рсиа анҵара иазкны Германтәыла аиҳабыра ирыдыркылаз аӡбара дақәшаҳаҭуп

Германтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Анналена Бербок Қырҭтәылеи Молдовеи ишәарҭам атәылақәа рсиа анҵара иазкны Германтәыла аиҳабыра ирыдыркылаз аӡбара дақәшаҳаҭуп.

Анемец ҭыжьымҭа  Der Spiegel ишану ала, Анналена Бербок илҳәеит аҩ-ҳәынҭқаррак Евроеидгыла алалара амҩа иануп, азакәан аиҳаӡареи, адемократиеи аусхкқәа рҿы зымҽхак дуу ареформақәа мҩаҧыргоит ҳәа.

Қырҭтәылеи Молдовеи рзы абри аҩыза аӡбара шрыдыркылазгьы,  Германтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ишәарҭам атәылақәа рсиа арҭбаара  дақәшаҳаҭым.

Германтәыла  «Ақьырсиан-демократиатә еидгыла» анапхгаҩы   Фридрих Мерц аҳәара ҟаиҵеит  Қырҭтәылеи Молдовеи рышьҭахь ишәарҭам атәылақәа рсиа иацҵаны ианырҵарц Туниси, Мароккои, Алжири,  Индиеи.

Германтәыла аиҳабыра Қырҭтәылеи Молдорвеи ишәарҭам атәылақәа рсиа ианырҵеит нанҳәа  30 рзы.