Анна Нацвлишвили – Аофициалтә усбарҭақәа, зыҧшра ҟамҵакәа, Медведев иҳәамҭа иақәҿырҭроуп
«Аофициалтә усбарҭақәа, зыҧшра ҟамҵакәа, Медведев иҳәамҭа иақәҿырҭроуп, сара Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи аполитикатә маҵзураҭыҧқәа аанызкыло ауааҧсыреи рҳәамҭа сазыҧшуп», — илҳәеит «Лело» иалахәы Анна Нацвлишвили.
Лара Дмитри Медведев иҟаиҵаз аҳәамҭа дахцәажәеит. Медведев иажәақәа рыла, «Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи Урыстәыла адлара аидеиа уажәгьы иактуалуп. Акрызҵазкәа амзызқәа ҟалар, ари аидеиа анагӡара аиур ауеит».
Нацвлишвили ишылҳәаз ала, «Қырҭтәыла аҩадаатлантикатә хырхарҭа алнахит, уажәтәи аҭоурыхтә аамҭазы Қырҭтәыла аспикерцәеи Урыстәылеи рҳәамҭақәа еиқәшәоит, уи хьымӡҕуп».
«Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы, ишаҧу ала, «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа ҿырҭуам. Сара интересс исымоуп аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәеи абри иузудымкыло аҳәамҭа ишақәҿырҭуа. Сара Урыстәылеи уи ахаҭарнакцәеи иргәаласыршәар сҭахуп Урыстәыла ҩышәшықәса рыҩныҵҟа Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иаҿагыланы ишықәҧо, дара аҭоурых иҧсахны, абри апроцесс 2008 шықәсазы ма 90-тәи ашықәсқәа рзы иалагазшәа аадырҧшыр рҭахуп. Аха, адунеигьы ҳара ақырҭуаагьы ибзиаӡаны иаадыруеит Урыстәыла Қырҭтәыла ахьыҧшымра иаҿагыланы ианықәҧоз Евроеидгылагьы шыҟамыз. Қырҭтәыла аҩадаатлантикатә хырхарҭа алнахит, уажәтәи аҭоурыхтә аамҭазы Қырҭтәыла аспикерцәеи Урыстәылеи рҳәамҭақәа еиқәшәоит, уи хьымӡҕуп. Аофициалтә усбарҭақәа, зыҧшра ҟамҵакәа, Медведев иҳәамҭа иақәҿырҭроуп, сара Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи аполитикатә маҵзураҭыҧқәа аанызкыло ауааҧсыреи рҳәамҭа сазыҧшуп», — илҳәеит Анна Нацвлишвили.