Анна Нацвлишвили -  Кобахиӡе иҟаиҵо зегьы – Кремль цқьа иазхәыцны ирыҩыз адезинформациоуп
Анна Нацвлишвили -  Кобахиӡе иҟаиҵо зегьы – Кремль цқьа иазхәыцны ирыҩыз адезинформациоуп

«Кобахиӡе иҟаиҵо зегьы – Кремль цқьа иазхәыцны ирыҩыз адезинформациоуп», илҳәеит  «Лело» алахәыла  Анна Нацвлишвили.

Нацвлишвили  Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли  Кобахиӡе иҟаиҵаз аҳәамҭа дахцәажәеит. Аҳәамҭа иануп:

«Ҳуааҧсыра Кобахиӡе амедицинатә цхыраара иҭахуп ҳәа ргәы иаанагар ауеит, мамзар, иара иҳәамҭа аиумортә жанр аҳасабала иахәаҧшуеит. Аха,   Кобахиӡе иҟаиҵо зегьы – Кремль цқьа иазхәыцны ирыҩыз адезинформациоуп.  Уи урыстәылатәи адезинформациоуп, аҵакыдароуп, аха, абри зегьы ақырҭуа ҳәынҭқарра иаҧырхаго  ахықәкқәа амоуп. Кремль ирыҩыз адезинформациа алазырҵәо Кобахиӡе  Қырҭтәыла аҧыза-министр иакәӡам, иара Кремль апропагандист иоуп, алхрақәа рыла имчра ааныжьра иқәшәоит», — илҳәеит  Анна Нацвлишвили.