Анна Фотыга - «Ақырҭуа гәахәтәы» анапхгара ашьаарҵәыратә кремльтәи арежим азааигәахара иазку рполитикиазы ахьырхәра рыҭатәуп, аха ақырҭуа жәлар ахьырхәра раҳҭар ҟалом
Анна Фотыга - «Ақырҭуа гәахәтәы» анапхгара ашьаарҵәыратә кремльтәи арежим азааигәахара иазку рполитикиазы ахьырхәра рыҭатәуп, аха ақырҭуа жәлар ахьырхәра раҳҭар ҟалом

««Ақырҭуа гәахәтәы» анапхгара ашьаарҵәыратә кремльтәи арежим азааигәахара иазку рполитикиазы ахьырхәра рыҭатәуп. Аха, арепрессиақәа шыҟоугьы, евроатлантикатә институтқәа ралалара иазықәҧо  ақырҭуа жәлар ахьырхәра раҳҭар ҟалом», —  илҩит Европарламент алахәыла Анна Фотыга  Twitter аҿы.

Фотыга ишылҩыз ала, лара адемократиеи ақырҭуаа ревропатәи алхреи иазку Хельсинктәи акомиссиа аусура ахә лшьоит.

«Европа ҳхатә акт  MEGOBARI аднакылароуп,  ҳара еилыкка иаҳҳәароуп: Қырҭтәыла хәыҷы-хәыҷла Урыстәыла ахырхарҭала ишцо ҳамбоушәа ҟаҳҵом», — илҩит  Анна Фотыга.