Анна Фотыга – «Ақырҭуа гәахәтәы» анапхгара ашьаарҵәыратә кремльтәи арежим азааигәахара иазку рполитикиазы ахьырхәра рыҭатәуп, аха ақырҭуа жәлар ахьырхәра раҳҭар ҟалом

21:37, 28.05.2024

««Ақырҭуа гәахәтәы» анапхгара ашьаарҵәыратә кремльтәи арежим азааигәахара иазку рполитикиазы ахьырхәра рыҭатәуп. Аха, арепрессиақәа шыҟоугьы, евроатлантикатә институтқәа ралалара иазықәҧо  ақырҭуа жәлар ахьырхәра раҳҭар ҟалом», —  илҩит Европарламент алахәыла Анна Фотыга  Twitter аҿы.

Фотыга ишылҩыз ала, лара адемократиеи ақырҭуаа ревропатәи алхреи иазку Хельсинктәи акомиссиа аусура ахә лшьоит.

«Европа ҳхатә акт  MEGOBARI аднакылароуп,  ҳара еилыкка иаҳҳәароуп: Қырҭтәыла хәыҷы-хәыҷла Урыстәыла ахырхарҭала ишцо ҳамбоушәа ҟаҳҵом», — илҩит  Анна Фотыга.

 

Еиԥшу