Анна Фотыга – Урыстәыла ахатә арратә ацәгьаурақәа рзы аҭакҟаҵареи  Қырҭтәылеи, Украинеи,  Молдовеи ралҵреи ақәшәоит
Анна Фотыга – Урыстәыла ахатә арратә ацәгьаурақәа рзы аҭакҟаҵареи  Қырҭтәылеи, Украинеи,  Молдовеи ралҵреи ақәшәоит

«Урыстәыла ахатә арратә ацәгьаурақәа рзы аҭакҟаҵареи  Қырҭтәылеи, Украинеи,  Молдовеи ралҵреи ақәшәоит, — илҩит Европарламент алахәыла  Анна Фотыга Аҟәа акаҳара амш инамаданы  «Твиттер» аҿы иҟалҵаз анҵамҭаҿ.

Лара лажәақәа рыла, Урыстәыла аҵахареи импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа зегьы рхақәиҭтәреи ашьҭахь аиашара еиҭашьақәгылахоит.

«29 шықәса раҧхьа,  иахьатәи амш азы, Урыстәыла изыдгылаз амчқәа рымшала  Аҟәа каҳаит, уи ахылҵит аетникатә рыцқьареи, ақырҭуаа рышьҭреи.  250 000ҩык иреиҳаны ақырҭуаа рыҩнқәа ааныжьны иқәҵыр ада ҧсыхәа рымамкәа иаанхеит. Иахьа, Украина ала ақәиҭра азықәҧара абзоурала, Урыстәыла аимпериалисттә хықәкқәа раҵархара ашанс ҟалеит.

Урыстәыла ахатә арратә ацәгьаурақәа рзы аҭакҟаҵареи  Қырҭтәылеи, Украинеи,  Молдовеи ралҵреи ақәшәоит.  Урыстәыла аҵахареи импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа зегьы рхақәиҭтәреи ашьҭахь аиашара еиҭашьақәгылахоит», — илҩит  Анна Фотыга.