Атәылауаҩратә авиациа агентра адыррақәа рыла, ақырҭуа авиациатә џьармыкьаҿы даҽа еилахәырак аусура иалагоит. Лаҵара 1 инаркны анемец еилахәыра «Кондор» (CONDOR) қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазашҟа ареисқәа рымҩаҧгара иалагоит.
Авиаеилахәыра ахаҭарнакцәа Атәылауаҩратә авиациа агентрашҟа иҟарҵаз азыҳәамҭа инақәыршәаны, Франкфурт – Қарҭ – Франкфурт ахырхарҭла ареисқәа мҩаҧгахоит жьҭаара 28-нӡа, мчыбжьык ахь ҩынтә, ашәахьеи, ахәашеи азы.