2022 шықәсатәи еихшьаалоу адыррақәа рыла, Қырҭтәыла авиааимадара еиҭашьақәыргылоуп  88%-ла, апассаџьырцәа реишьҭаҵа - 85%-ла
2022 шықәсатәи еихшьаалоу адыррақәа рыла, Қырҭтәыла авиааимадара еиҭашьақәыргылоуп  88%-ла, апассаџьырцәа реишьҭаҵа - 85%-ла

Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрра иаҵанакәа Атәылауаҩратә авиациа агентра еихшьаалоу адыррақәа рыла, 2022 шықәсазы Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа  4 441 316ҩык апассаџьырцәа рыдыркылеит, ари арбага  2021 шықәсатәи иашьашәалоу аамҭа арбага аасҭа  78%-ла еиҳауп.

«Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза  аднакылеит  796 063ҩык апассаџьырцәа.   2021 шықәсатәи арбага иаҿаҳарҧшыр,  апассаџьырцәа рхыҧхьаӡара азҳаит  182%-ла.

Баҭымтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза  616 885ҩык апассаџьырцәа рымаҵ ауит. Ари арбагагьы шықәсыкала  20% ацлеит.

2022 шықәсазы Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа рҿы инагӡан  21 430 ареисқәа,  урҭ рҟынтә  16 290 – еиҧҟьарадатәи аресқәоуп,  5 140 – ачартертә реисқәоуп.

Ареисқәа рхыҧхьаӡарагьы  2021 шықәсатәи арбага аасҭа  43%-ла иазҳаит.

Ажьырныҳәа 1 азы иҟоу адыррақәа рыла,   Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа рҿы  60 хырхарҭақәа рыла аус руеит  41 авиаеилахәырақәа.

Имҩангоу апассаџьырцәа рхыҧхьаӡара инақәыршәаны, 2022 шықәсазы  аҧхьагылара аман  авиаеилахәыра  Wizz Air,  уи рхы иадырхәит  588 226ҩык апассаџьырцәа.