Аналена Бербок - Германтәыла "Леопард" атип змоу атанкқәа Украинахь рышьҭра зин Польша аҭара азыхиоуп
Аналена Бербок - Германтәыла "Леопард" атип змоу атанкқәа Украинахь рышьҭра зин Польша аҭара азыхиоуп

Германтәыла “Леопард” атип змоу атанкқәа Украинахь рышьҭра зин Польша аҭара азыхиоуп, – илҳәеит Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Аналена Бербок.

Германтәыла адәныҟатәи аусҳәарҭа анапхгаҩы лажәақәа рыла, Берлин аҟны ибзиаӡаны еилыркаауеит арҭ атанкқәа рҵакы, убри аҟынтә апартниорцәа рҟны ари азҵаара иахәаԥшуеит. Бербок лажәақәа рыла, ауаа рыԥсҭазаара еиқәырхатәуп, Украина аҵакырадгьыл ихақәиҭтуп.

Германтәыла адәныҟатәи аусҳәарҭа анапхгаҩы ишаалыцҳаз, Польшантә аофициалтә аҳәара макьана рмоуӡацт.