Аналена Бербок – Анеҩстәи аҧхынразы Украина абџьар хьанҭа ҿыц аҭаххар ҟалап
Аналена Бербок – Анеҩстәи аҧхынразы Украина абџьар хьанҭа ҿыц аҭаххар ҟалап

Анеҩстәи аҧхынразы Украина абџьар хьанҭа ҿыц аҭаххар ҟалап, – илҳәеит Германтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Аналена Бербок. Ари аинформациа аланарҵәеит «Анемец ацәқәырҧа».

Бербок лажәақәа рыла, иаҭаххар,  Германтәыла,  урыстәылатәи агрессиа иаҿагыло ақәҧараҿы ашықәсрацәала Украина ацхраара иазыхиоуп.

«Ҳәарада, аибашьра излауа ала ирласны ихыркәшазар ҳҭахуп, аха, рыцҳарас иҟалаз, иааиуа аҧхынразы Украина абџьар хьанҭа ҿыц аҭаххар ҟалап. Сара лабҿаба избоит Украина ҳхақәиҭреи  адунеитә аиҿкаареи ишазықәҧо, убри аҟынтә,  иахьынӡаҭаххо аматериалтә ганахьалагьы бџьарлагьы ари атәыла ҳацхраауеит», — илҳәеит  Бербок.