Амшцәгьа амшала, Сҭампыл–Қарҭ ареис аҳаиплан қарҭтәи аҳаирбаҕәазаҿы изымтәеит
Сҭампыл – Қарҭ ареис назыгӡоз, авиаеилахәыра Pegasus Airlines аҳаиплан, амшцәгьа амшала, Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿы изымтәеит.
Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿы ишырҳәаз ала, аҳаирплан Сҭампылҟа ихынҳәит. Ареис ҧыҭраамҭак ашьҭахь инагӡахар ҟалап.