Амш цәгьа иахҟьаны, Қырҭтәыла мҩақәак рҿы аԥкрақәа шьақәгылоит
Амш цәгьа иахҟьаны, Қырҭтәыла мҩақәак рҿы аԥкрақәа шьақәгылоит

Амш цгьа иахҟьаны, Қырҭтәыла автомобилтә мҩақәак рҿы аԥкрақәа шьақәгылоит

Автомобилтә мҩақәа рдепартамент  аинформациа ала, аметеорологиатә ҭагылазаашьа цәгьа амшала, мҩақәак рҽы аԥкрақәеи арежим ҷыдеи шьақәгылоуп.

Аметеорологиатә ҭагылазаашьа цәгьа амшала, ахҵәахақәа рҿы ацраҳәагақәа змоу автотранспорти 30-ҩык еиҳаны зиагара зылшо автобусқәеи изныҟәом:  аҩныҵҟаҳәынҭқарратә ҵакы змоу Мцхеҭа-Степанҵминда-Ларс автомобилтә трасса Гудаури (Ԥоста)-Коби аҵыҧҵәахаҿы,  Қәҭешь (Моқамеҭа)-Тҟибули-Амбролаури амҩа км39-км62 (Нақерала аҩхаа) ахҵәахаҿы.

Асду амшала, аҩныҵҟаҳәынҭқарратә ҵакы змоу Вазиани-Гомбори-Ҭелави амагистраль км36-км47 километртәи ацыҧҵәахаҿы (Ҭеҭриҵҟлеби-Верона) амашьына ласқәа еиҭаҵроуп ақәҵәраара аҽыхьчаратә даҷқәа рыла.

Атәыла аҩныҵҟатәи аҵакы змоу автомобилтә мҩа   Жәыргьыҭ-Џьвари-Местиа-Ласдили км178-км185 ацыҧҵәахаҿы (Кала-Ушгули) амашьынақәа реиҭаҵра ҟалом», — иануп адепартамент аинформациаҿы.