Ампыҵахаралатә режим ахаҭарнакцәа хымш раԥхьа иаанкылаз Зовреҭи ақыҭа анхаҩы доурыжьит
Ампыҵахаралатә режим ахаҭарнакцәа хымш раԥхьа иаанкылаз Зовреҭи ақыҭа анхаҩы доурыжьит

Гори амуниципалитет иаҵанакуа Бершуеҭи ақыҭа ааигәара ампыҵахаларатә территориаҿ апмыҵахаларатә режим ахаҭарнакцәа хымш раԥхьа иаанкылаз Зовреҭи ақыҭа анхаҩы Малхаз Долуашвили доурыжьит.

Ампыҵахалаҩцәа уи Ергнеҭтәи апункт ахь дааргеит. Де-факто арежим ахаҭарнакцәа Малхаз Долуашвили аҳәаа аилагаразы аштраф иқәырҵан, доурыжьит.

60 шықәса зхыҵуа ахаҵа иажәақәа рыла, ампыҵахаларатә цәаҳәа иаԥну Бершуеҭи ақыҭаҿ даншәарыцох, дааныркылеит.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аинформациа ала, изакәаным аанкыларақәа рыдҳәаланы аусура алагеит ацәаҳәа ҷыда, адырра рыҭоуп Евроеидгыла анаԥшратә миссиа хаҭарнакцәеи Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа реицхантәаҩцәеи жәларбжьаратәи партниорцәеи.