"Амилаҭтә ҵысра" ахаҭарнакцәа апарламенттә аусзура рхы аладырхәом
"Амилаҭтә ҵысра" ахаҭарнакцәа апарламенттә аусзура рхы аладырхәом

Апартиа “Иаку амилаҭтә ҵысра” аднакылаз аӡбара инақәыршәаны, апартиа ахаҭарнакцәа апарламенттә аусзура: апленартә аилатәарақәеи, акомитетә аилатәарақәеи рхы аладырхәом, – ари атәы ааицҳаит “Амилаҭтә ҵысра” алахәыла Леван Бежашвили.

Леван Бежашвили иажәақәа рыла, афракциеи апартиеи амандатқәа рааныжьра иазку аконсультациақәа мҩаԥнагоит.

Леван Бежашвили ишазгәеиҭаз ала, ари аӡбара Михеил Саакашвили абаандаҩраҿ иааныжьра иадҳәалоуп.

„Афракциеи апартиеи амандатқәа рааныжьра иазку аконсультациақәа мҩаԥнагоит. Аконсультациақәа ҳамазаауеит европатәи ҳпартниорцәа рҟны апарламенттәи апарламент иалам аоппозициааи рҟны.

Уажәы агәахыԥжәара аамҭа ааит, уажәы аҿагылара аамҭа ааит, ақәԥара аамҭа ааит. Ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟасҵоит иахьа, асааҭ 17:00 рзы Аиҳабыра рканцелиариа аԥхьа еизарц”, – иҳәеит “Амилаҭтә ҵысра” алахәыла Леван Бежашвили.