Амилаҭтә банк - 2025 шықәса жәеизамз ирылагӡаны ицқьоу аахәарақәа  2.1 млрд доллар иаҟарахеит, жәларбжьаратәи авалиутатә резервқәа 5.8 миллион доллар еиҳахеит
Амилаҭтә банк - 2025 шықәса жәеизамз ирылагӡаны ицқьоу аахәарақәа 2.1 млрд доллар иаҟарахеит, жәларбжьаратәи авалиутатә резервқәа 5.8 миллион доллар еиҳахеит

Авалиутатә џьармыкьаҿ аҭагылазаашьа иашьашәаланы, Қырҭтәыла Амилаҭтә банк жәларбжьаратәи арезервқәа рхарҭәаара нанагӡоит. Абҵаразы Амилаҭтә банк, Bmatch аплатформаҿ имҩаҧнагаз аинтервенциақәа рыла, авалиуатә резервқәа ханарҭәааит 308.2 миллион адолларла, жьҭааразы иҟоу аҭагылазаашьа ала, жәларбжьаратәи арезервқәа рҭаӡара 5.8 миллиард адоллар иаҟароуп.

“Жәларбжьартәи авалиутатә резервқәа атәыла амакроекономикатә ҭышәынтәалара еиқәдыршәоит. Убри аҟынтә, Амилаҭтә банк, еснагь арезервқәа рхарҭәаара иазҿлымҳауп. Аџьармыкьаҿ уи еиҧш алшара аныҟоу, Амилаҭтә банк атәыла жәларбжьаратәи арезервқәа азнарҳауеит.

2025 шықәсаз ы Амилаҭтә банк имҩаҧнагеит абарҭ авалиутатә интервенциақәа: ажьырныҳәа-жәабран азы  Bmatch аҿы  аахәарақәа мҩаҧгамызт; хәажәкыра  – Bmatch аплатформаҿы  иаахәан  101.7 миллион адоллар; мшаҧы  – Bmatch аплатформаҿы  иаахәан  266.4 миллион адоллар; лаҵара  – Bmatch аҿы  иаахәан  245.4 миллион адоллар; рашәара  – Bmatch аҿы  иаахәан  266.0 миллион адоллар; ԥхынгәы  – Bmatch аҿы  иаахәан 416.9 миллион адоллар; нанҳәа – Bmatch аҿы  иаахәан 199.6 миллион адоллар; цәыббра – Bmatch аҿы  иаахәан 100.0 миллион адоллар; жьҭаара – Bmatch аҿы  иаахәан 167.4 миллион адоллар; абҵара – Bmatch аҿы  иаахәан 308.2 миллион адоллар.

Қырҭтәыла Амилаҭтә банк авалиутатә џьармыкьаҿы имҩаҧнагаз  аоперациақәа ирызку ирҿыцу аинформациа цәырнагоит 2026 шықәса ажьырныҳәа 26 рзы”, – иануп Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аланарҵәаз  аинформациа аҿы.