Амилаҭтә архив акинотеатр аҿы Архивтә фильмқәа қарҭтәи аҩбатәи жәларбжьаратәи фестиваль мҩаҧысуеит
Амилаҭтә архив акинотеатр аҿы Архивтә фильмқәа қарҭтәи аҩбатәи жәларбжьаратәи фестиваль мҩаҧысуеит

Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра Амилаҭтә архив акинотеатр аҿы архивтә фильмқәа аҩбатәи жәларбжьаратәи фестиваль аадыртит  1929 шықәса жьҭара 4 рзы ақырҭуа режиссор Едуард Супаташвили иҭихыз ақырҭуа документалтә фильм  „Қырҭтәылатәи акурортқәа“ ала.

Жьҭаара 5-7 рзы, афестивальтә мшқәа рзы, иддырбоит адунеи 15 ҳәынҭқаррақәа рархивқәеи ркиноинститутқәеи рҿы ишьҭоу,   1909-1975  шықәсқәа рзы иҭыхыз 38 адокументалтәи, асахьаркыратәи, анимациатәи фильмқәа.

Ақырҭуа программа аҩбатәи фильмуп  „Адунеи зегьы рнапы еинырҟьоит“, ахәаҧшцәа ари афильм иддырбоит жьҭаара  7 рзы,  афестиваль аркраан.  Арежиссиор Гьаргь Асаҭиани 1960 шықәсазы иҭихыз ари афильм Қырҭтәыла амилаҭтә балет  „Сухишвилиаа“ иазкуп.  Афильм аҿы иарбоуп ари ансамбль адунеи зехьынџьара имҩаҧнагоз аконцертқәа.

Амилаҭтә архив ари афестиваль амҩаҧгара иалагеит ҵыҧх. Афестиваль аалыртит Қырҭтәыла Амилаҭтә архив  агенералтә директор Ҭеона Иашвили.

Афестиваль мҩаҧысуеит Амилаҭтә архив акинотеатр аҿы.