Амилаҭтә архив асаит аҿы аҭоурыхтә баҟақәа рфотосахьақәа реизга кьыԥхьуп
Аинтернетаҿ аларҵәара роуит XIX, XX, XXI ашәышықәсақәа рзы иҟаҵаз ақырҭуа аҭоурыхтә баҟақәа ахьарбоу 150 иреиҳаны афотодокументқәа. Арҭ адокументқәа ишьҭоуп Қырҭтәыла Амилаҭтә архив аҿы.
Амилаҭтә архив аҿы ишырҳәаз ала, аныхабаа-аберҭыҧқәеи, абааш-ақалақьқәеи, егьырҭ аҭоурыхтә хыбрақәеи рфотоҭыхымҭақәа еиуеиҧшым аҭоурыхтә баҟақәа рыҭҵааразы акрызҵазкуа авизуалтә хыҵҵырҭоуп.
Иара убас, аколлекциа иалоуп ҳаамҭазтәи апериод иаҵанакәа афотоҭыхымҭақәагьы, урҭ ҟаҵан апроект «Амилаҭтә архив аекспедициа» аҳәаақәа ирҭагӡаны.