Аметро ааҭгылара «Варкетили» ареконструкциа хара имгакәа ахыркәшаразы атәым еилахәыраҟны аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит
Аметро ааҭгылара «Варкетили» ареконструкциа хара имгакәа ахыркәшаразы атәым еилахәыраҟны аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит, – ааицҳаит Қарҭ ахада Каха Калаӡе.
Калаӡе иажәақәа рыла, апроект ала иазыԥхьагәаҭоуп аҭуани аҭӡамцқәеи рдемонтаж, ишәарҭам аматериалқәа рыла урҭ рырҽеира. Қарҭ ахада ишазгәеиҭаз ала, ажәытә хҟьагақәа рыԥсахра ихымԥадоуп, ари иаарԥшын ҩынтә имҩаԥгаз аҭҵаарақәа раан.
Каха Калаӡе иажәақәарыла, аметро ааҭгылара «Варкетили» ареконструкциа ихыркәшахоит сынтәа цәыббразы.