Америка Ахаҭарнакратә палата адәныҟатәи аусқәа рзы акомитет  "Қырҭтәыла адгыларатә акт" иадгылеит
Америка Ахаҭарнакратә палата адәныҟатәи аусқәа рзы акомитет  "Қырҭтәыла адгыларатә акт" иадгылеит

Америка Ахаҭарнакратә палата адәныҟатәи аусқәа рзы акомитет  “Қырҭтәыла адгыларатә акт” иадгылеит. Азакәанпроект иадгылеит аҩ-партиак рхаҭарнакцәа.

Америкатә партниорцәа ишазгәарҭаз ала,  иахьа Қырҭтәыла адгылареи ари атәылаҟны аизыҟазаашьақәа рырҕәҕәареи зеиҧшҟамлац аҵакы амоуп.

Азакәанпроект ахәаҧшраан акомитет аҿы иқәгылеит адәныҟатәи азҵаарақәа рзы акомитет ахантәаҩы Грегори Миқси аконгрессменцәа Џьери Коннолли Адам Кинзингери.

Грегори Миқс иҳәамҭала, арегион аҿы имҩаҧысуа ахҭысқәа иазҧхьагәаҭаны,  азакәанпроект адкылара аҵакы ду амоуп.

«Иахьа,  Қырҭтәыла аҵакырадгьыл  20 наӡына Урыстәыла ала импыҵахаланы ианыҟоу,  Урыстәыла Украина ианабашьуа,  лабҿаба иубарҭоуп Украинеи, Молдовеи,  Қырҭтәылеи ҳацхыраара ҷыда шырҭаху.  Зыӡбахәы ҳәоу азакәанпроект даҽазнык аанарҧшуеит Америка Қырҭтәыла ишадгыло ашәарҭадара аиқәыршәареи,  адемократиатәи аекономикатәи аҿиареи аҿы. Абри зегьы кыраамҭала аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи аиқәыршәара иацхраауеит», — иҳәеит  Грегори Миқс.

Аконгрессмен Коннолли  Қырҭтәыла ароль ду далацәажәан,  ишазгәеиҭаз ала,  Қырҭтәыла алагала ду ҟанаҵеит Афганистан имҩаҧысуаз аҭынчрачаҧаратә миссиаҿы,  ари атәыла лабҿаба аанарҧшит ашәарҭадара аиқәыршәара аус аҿы НАТОи Мраҭашәареи аус рыцура ишазыхиоу.

«Америкагьы Қырҭтәыла иацхраароуп  иарбанызаалак урыстәылатәи ажәылара ма агрессиа аҧыхраҿы. Зыӡбахәы ҳәоу азакәанпроект Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара арҕәҕәареи Урыстәыла ала импыҵахалоу Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рҿы ауаҩытәыҩса изинқәа реилагара зхароу ауааҧсыра асанкциақәа рзышьақәыргылареи иазкуп,» — иазгәеиҭеит Џьерри  Коннолли.

Адам Кинзингергьы иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла аҿаҧхьа иқәгылоу ашәарҭарақәеи Америка аган аҟынтә ари атәыла адгылара аҵаки.

Азакәан адкыларазы анеҩстәи шьаҿоуп Ахаҭарнакратә палата апленартә аилатәараҿы азакәан ашьақәырҕәҕәара,  анеҩс,  азакәанпроект Америкатә Сенат ашҟа идәықәырҵоит.