Америка аиҳабыра Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра иазоурышьҭуеит 10 431 459,90 адоллар агрант
Америка аиҳабыра Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра азоурышьҭуеит 10 431 459,90 адоллар агрант.
Америка аиҳабыра рыла Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра агрант азоушьҭра иазку иашьашәалоу ақәшаҳаҭра инапы аҵаиҩит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе.
«1. „Қырҭтәылаҿ аҳәаанырцәтәи ацхыраара акоординациа аҧҟареи Қырҭтәыла аминистррақәа агрантқәа рзоушьҭреи“ иазкны 2015 шықәса ҧхынгәы 1 азы Қырҭтәыла аиҳабыра ирыдыркылаз ақәҵара №238 инақәыршәаны, Қырҭтәыла аиҳабыра Америка аиҳабыра рыла Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра агрантқәа (PB-B-WFK, DT-B-WAZ, PB-B-WFJ, DT-B-WBC, DT-B-WBA) раҳасабала 10 431 459,90 адоллар рыхә атауар азоушьҭра иақәшаҳаҭуп.
2. „Агрантқәа ирызку“ Қырҭтәыла азакәан 4 ахәҭаҷ „г“ апункт инақәыршәаны, Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра Америка аиҳабыра рҟынтә агрантқәа рыла иазҧхьагәаҭоу атауар аиура азинмчы анашьоуп», — иануп Иракли Кобахиӡе инапы зҵаиҩыз ақәҵараҿы.