Америка аҳәынҭқарртә департамент аҳасабырба - Қырҭтәыла абизнеси аинвестициақәеи рымҩаҧгаразы аҭагылазаашьақәа бзиоуп, ауадаҩрақәа шыҟоугьы, абизнес амҩаҧгара аганахьала ари атәыла арегион аҿы аҧхьагылара амоуп
Америка аҳәынҭқарратә департамент 2022 шықәсазы аинвестициатә лагылазаара иазку аҳасабырба цәырнагеит, уаҟа Қырҭтәыла аинвестициатә лагылазаарагьы иалацәажәоит.
«Қырҭтәыла аинтеграциатә коммерциатә код иҟам. Акоммерциатә усура еиҿызкаауа еиуеиҧшым азакәанқәеи азакәанеидкылақәеи иҟоуп, аха, акоммерциатә аимакқәа ирыхәаҧшша аӡбарҭа ҷыдақәа иҟам», — иануп аҳасабырбаҿы.
Адокумент аҿы Урыстәыла иазышьақәыргылоу жәларбжьаратәи асанкциақәагьы ирылацәажәоит: «Қырҭтәыла Амилаҭтә банки ақырҭуа афинанстә институтқәеи Америкеи егьырҭ атәылақәеи Урыстәыла иазышьақәдыргылаз асанкциақәа ирықәныҟәоит».
Аҳасабырбаҿы Анаклиатәи абаҕәазагьы иалацәажәоит: «Атәыла аиҳабыра иҵаулоу абаҕәаза аргылара ишазҿлымҳау шьақәдырҕәҕәеит, аха, атендер макьана имҩаҧгам».
Аҳасабырбаҿы 2019 шықәсеи 2021 шықәсеи рзы атәылаҿы имҩаҧгаз акциақәагьы ирзааҭгылеит. Ишазгәаҭаз ала, ҭагылазаашьақәак раан аполициа аусзуҩцәа арҕьаратәи екстремистцәа ирзыманшәалаз аҭагылазаашьақәа еиқәдыршәон.