Америка Аҳәынҭқарратә департамент 60ҩык иреиҳаны Қырҭтәыла атәылауааи рҭаацәарақәа рылахәылацәеи асанкциақәа рзышьақәнаргылеит
Америка Аҳәынҭқарратә департамент 60ҩык иреиҳаны Қырҭтәыла атәылауааи рҭаацәарақәа рылахәылацәеи асанкциақәа рзышьақәнаргылеит. Ари атәы иануп Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен иҳәамҭаҿы.
Аҳәамҭа ишану ала, зыӡбахәы ҳәоу ауаа Қырҭтәыла адемократиа аҿиара аҧырхагахаразы аҭак рыҧхықәп, мамзаргьы, ари апроцесс иалахәып.
«Зыӡбахәы ҳәоу аҳәынҭқарратәи амуниципалтәи усзуҩцәа рмаҵзуратә ҧхықәрақәа цәгьашақә рхы иархәаны, ақырҭуа жәлар рхадаратә хақәиҭрақәа рынагӡара иаҧырхаган, иара убас, асанкциақәа ззышьақәыргылоу ауаа иреиуп акоррупциа знапы алаку абизнес алидерцәеи, адезинформациа алазырҵәо ауааҧсыреи, апротестанцәа рыпҟара иалахәыз азинхьчаҩцәеи, адемократиа иаҧырхагоу азакәанқәа рыдкылара иадгылаз апарламент алахәылацәеи», — иануп Ентони Блинкен иҳәамҭаҿы.
Авизатә аҧкрақәа ззышьақәыргылоу ауаа рыхьӡқәа иарбам.