Амч аиуит алиникақәа рфинансыркра амодель ҿыц, уи ала аклиникақәа зегьы рҿы еиԥшу атарифқәа ҟалоит

Иахьа инаркны амч аиуит алиникақәа рфинансыркра амодель ҿыц.

Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала,  амедицинатә усбарҭақәа рҿы, адиагноз иаҿагыло агәыҧ (DRG) ала афинансыркра амодель ҿыц амч аиуеит. DRG аҿиара змоу адунеитә тәылақәа рҿы иҧышәу афинансыркра амодельуп, уи инақәыршәаны, аҳәынҭқарра ауааҧсыра ибзианы рхәышәтәра иазоунашьҭуа ахә автоматла иҧхьаӡахоит.

Агәабзиарахьчара аминистрра  аҟынтә ишаарыцҳаз ала, афинансыркра аҭаӡара ҳәаақәҵахоит апациент идиагнози, иқәреи, игоспитализациа аҿҳәареи, егьырҭ акритериқәеи рыла. DRG асистема аларҵәара ашьҭахь, амедицинатә маҵзура аиураан, пациент иацҵаны аҧара ашәара иқәшәом. Апациент, зегьирзеиҧшу агәабзиарахьчара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аицфианансыркрала иазҧхьагәаҭоу ахәҭа мацара ишәоит.