Алхратә реформа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы апарламент аҿы далырхуеит
Алхратә реформа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы апарламент аҿы далырхуеит
Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы апарламент аҿы далырхуеит.
Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы иалхра ацас адеталла иарбоуп Алхратә реформа иазку адокумент аҿы. Адокумент арекомендациақәа рзы иацы Венециатәи акомиссиахь ишьҭын.
Алхратә закәанеидкыла иалалараны иҟоу аԥсахрақәа рыла, иԥсаххоит иахьа амч змоу азакәан анорма: Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы акомиссиа алахәылацәа далырхуеит, уи ашьҭахь апроцесс апарламент ахь иасуеит. Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы икандидатура шьақәдырӷәӷәоит апарламентарцәа.

Аԥсахрақәа рыла, Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Қырҭтәыла ахада идгалара ала, азакәан 12-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны, апарламент аҿы иаарту аконкурс ала хәышықәсатәи аҿҳәарала далырхуеит.