Алхратә комиссиа хада – Апарламенттә алхрақәа рылҵшәақәа рышьаҭала, аполитикатә ф-партиак аҳәынҭқарратә финансқәа роуеит
Алхратә комиссиа хада – Апарламенттә алхрақәа рылҵшәақәа рышьаҭала, аполитикатә ф-партиак аҳәынҭқарратә финансқәа роуеит

Азакәан инақәыршәаны, жьҭаара  26 рзы имҩаҧгаз апарламенттә алхрақәа рылҵшәақәа рышьаҭала, ҿыц иалху апарламент азинмчы азхаҵара адырҩаҽны инаркны, абҵара 26 инаркны, аполитикатә ф-партиак: — «Ақырҭуа гәахәтәы  – Адемократиатә Қырҭтәыла», «Иаку амилаҭтә ҵысра», «Аиҭакрақәа рзы акаолициа Гварамиа-Мелиа-Гирчи-Дроа», «Гахариа Қырҭтәылазы», «Лело», «Қырҭтәыла апатриотцәа ралианс», «Гирчи» аҳәынҭқарратә финансқәа роуеит. Ари атәы аанацҳаит Алхратә комиссиа хада.

Акомиссиа адыррақәа рыла,  «Аиҭакрақәа рзы акаолициа Гварамиа-Мелиа-Гирчи-Дроа» аҳәынҭқарратә аҧара мап ацәыркит.