Алхрақәа 2021 Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы
Алхрақәа 2021 Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы

2021 шықәсазы имҩаԥысран  иҟоу ахаланапхгараҭарахь алхрақәа алхраԥхьатәи ракмпаниеи алхраԥхьатәи апроцесс Қырҭтәыла Актәи аканал  аҿы ишахәҭоу еиԥш аарԥхоит.

Алхраԥхьатәи акампаниа амҩаԥгаразы Актәи аканал алхратә субиектқәа ателе-радио ефир ирыднагалоит.

Ацентртә алхратә комиссиаҿ арегистрациа иахысыз аквалификациа змоу апартиақәа зегьы еиҟараны аефир ирыдаагалоит аинформациатә дырраҭара “Моамбеи”, егьырҭ ауаажәларратә-политикатә токшоуқәа рҿы. Иара убас, аефир ахь иҭыҵуеит адырраҭара ҷыда “Адебатқәа 2021”, уи Актәи аканал аефир ахь цәыббра 7 рзы иҭыҵуеит.  Адырраҭара аефир ахь иҭыҵуеит есҩашеи, есԥшьашеи, есхәашеи асааҭ 22:00 рзы.

2021 шықәса жьҭаара 2 рзы имҩаԥысран иҟоу ахаланапхгараҭарахь алхрақәа ирызку аинформациа аофициалтә вебдаҟьа 1tv.ge аҿы иҷыданы иаԥҵоу аплатформа “Алхрақәа 2021” ианылоит.