Иракли Ӷарибашвили  - Заанаҵтәи адыррақәа рыла аиааира ҳгеит амуниципалитетқәа зегьы рҿы
Иракли Ӷарибашвили - Заанаҵтәи адыррақәа рыла аиааира ҳгеит амуниципалитетқәа зегьы рҿы
Заанаҵтәи адыррақәа рыла аиааира ҳгеит амуниципалитетқәа зегьы рҿы, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили “Имеди” аҿаҵала “Горби” имҩаԥнагаз аегзитпол заанаҵтәи адырра инақәыршәаны.
Иракли Ӷарибашвили алхыҩцәа иҭабуп ҳәа раиҳәеит алхрақәа рҽалархәразы.
“Аҩбатәи атур аиааирала ахыркәшара шәыдысныҳәалоит. Ҳадгылаҩцәа иҭабуп ҳәа расҳәоит. Алхрақәа ибзианы ҭынч мҩаԥган. Заанаҵтәи адыррақәа рыла аиааира ҳгеит амуниципалитетқәа зегьы рҿы. Алҵшәақәа рыларҳәара ҭынч ҳарзыԥшыроуп. Каха Калаӡе аиааира агара идысныҳәалоит, ахадацәа зегьы рыдысныҳәалоит,” – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.