Алхрақәа -2021 – Актәи аканал онлаин-платформа ҿыц
Алхрақәа -2021 – Актәи аканал онлаин-платформа ҿыц

2021 шықәсатәи аҭыҧантәи алхрақәа ирыдҳәаланы,  Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы аҧҵоуп апортал ҷыда  election.1tv.ge, уи ианылоит алхрақәа ирызку аинформациа зегьы.

Апортал аҿы ижәбар шәылшоит алхрақәа ирызку ажәабжь ҿыцқәеи,   алхраҧхьатәи аамҭазы Актәи аканал аҿы иоурыжьҭуа ауаажәларра-политикатә программақәеи.  Иара убас,  ишиашо  ицо аефир аҿы имҩаҧгахоит алхыҩцәа рактивра иазку аҭҵаарақәагьы.

Адаҟьаҿы еиҧҟьарада аларҵәара рымазаауеит Актәи аканал амониторинг алҵшәақәа.

Иара убас,  апортал аҿы ижәбар шәылшоит Адебатқәа – 2021 ирылахәхо аквалификациатә алхратә субиектқәеи Қарҭ ахада иҭыҧ азы акандидатцәеи ирызку аинформациа. Ахәаҧшцәа дара азҵаара рырҭар рылшоит,  амҩаҧгаҩ арҭ азҵаарақәа рзықәиргылоит ишиашо ицо адебатқәа раан.

Цәыббра  21,  асааҭ  22:00 рзы,  Актәи аканал аҿы имҩаҧысуеит Қарҭ ахада иҭыҧ азы арегистрациа иахысыз акандидатцәа зегьы рыбжьара адебатқәа.