Алеқсандр Ҵулаӡе Индиа аҵара аҳәынҭқарратә министр диҧылеит
Алеқсандр Ҵулаӡе Индиа аҵара аҳәынҭқарратә министр диҧылеит

Қырҭтәыла аҵареи, аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы аминистр  Алеқсандр Ҵулаӡе  аусуратә визитла Қырҭтәыла иаҭааиз Индиа аҵара аҳәынҭқарратә министр, адоктор Суканта Маџьумдар  диҧылеит.

Аминистрра адыррақәа рыла, аганқәа рхаҭарнакцәа аҵара аусхкы аҿы атәылақәа ирымоу ақәҿиарақәеи еицынарыгӡараны иҟоу апроектқәеи ирылацәажәеит. Иара убас, аҵара аусхкы аҿы аимадарақәа рырҭбаареи аинституциатә аҩаӡараҟны  аусеицуреи иазааҭгылеит.

«Алеқсандр Ҵулаӡе ишиҳәаз ала, ҩ-тәылак русеицура аҵакы ду амоуп, Индиеи Қырҭтәылеи акыраамҭа иалагӡаны қәҿиарала аус еицыруеит.

Суканта Маџьумдар Қырҭтәыла аҵара асистемаҿы имҩаҧысуа апроектқәа ибзианы дрыхцәажәан, аминистр аусеицуразы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәылаҟны апартниорра арҭбаара дшазыхиоу.

Аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла аҵареи, аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы аминистр ихаҭыҧуаа  Анна Мҕебришвилии Баиа  Квиҵиании, Индиа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ  Вахтанг Џьаошвилии, аконсул Қеҭеван  Лагвилавеи», — иануп аминистрра аинформациаҿы.