Алеқсандр Ҵулаӡе аҵареи, аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы аминистр иаҳасабала инапынҵақәа шьҭеиҵеит
Қырҭтәыла аҵареи, аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы аминистр Алеқсандр Ҵулаӡе инапынҵақәа шьҭеиҵеит.
„Сара схаҭа исыдыскылаз аӡбара ашьаҭала, иахьа Қырҭтәыла аҵареи, аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы аминистр иаҳасабала снапынҵақәа шьҭасҵоит.
Аминистрс сахьынӡаҟаз, сареи аминистрра аусуҩцәеи аҵара аҩаӡарақәа зегьы рҿы зҵакы дуу аинициативақәа рацәа мҩаҧаагеит, иакымкәа аинновациатә проектқәа аус рыдулара ҳалагеит, аминистр ҿыц арҭ апроектқәа аҵыхәанӡа инеигап ҳәа сгәыҕуеит.
Қырҭтәыла аҧыза-министри, сколлегацәеи, аиҳабыратә гәыҧи ҭабуп ҳәа расҳәоит, избанзар, дара срывагыланы, атәыла иахәаша аусқәа рыҟаҵара алшара сыман“, – иануп Алеқсандр Ҵулаӡе иҳәамҭаҿы.