Алексеи Арестович аурыс анацәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Путин дызлагаз аибашьрахь рԥацәа иоурмышьҭырц
Алексеи Арестович аурыс анацәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Путин дызлагаз аибашьрахь рԥацәа иоурмышьҭырц

Украина ахада иадминистрациа анапхгаҩы ибжьагаҩ Алексеи Арестович аурыс анацәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Путин дызлагаз аибашьрахь рԥацәа иоурмышьҭырц.

Арестович иажәақәа рыла, Урыстәылатәи афедерациа ақәԥара ихадоу ацәаҳәахь аррахь ирго арԥысцәа рдәықәҵара ргәы иҭоуп.

„Мшаԥы 1 ашьҭахь Урыстәыла арра аԥхьара акампаниа ҿыц алагоит. Украина аԥшыхәратә маҵзура аинформациа ала, Урыстәыла арбџьармчқәа рҿы аконтрактла иҟоу аибашьцәа рхыԥхьаӡара маҷхеит. Убри аҟынтә аибашьрахь арра ирго арԥысцәа рдәықәҵара ргәы иҭоуп. Аурыс анацәа рахь ааԥхьара ҟасҵоит, Путин дызлагаз аибашьрахь шәԥацәа иоушәмышьҭырц. Путин ирежим Урыстәылаҿ шәаҿагылар еиӷьуп,” – иҳәеит Арестович.