„Алде“ – Европатәи алибералцәа Қырҭтәылаҿ ахақәиҭреи, адемократиеи, ауаҩытәыҩса изинқәеи ирзықәҧо зегьы ҕәҕәала ирыдгылоит
„Ақырҭуа гәахәтәы“ анапхгарала, Қырҭтәыла автократиа ахырхарҭала ирласӡаны ацара иаҿуп, адунеи ҿымҭ изаанхом, – иануп „Алибералцәеи адемократцәеи ралианс Европазы“ (ALDE) аҳәамҭаҿы.
„Алде“ Михаил Саакашвилии, Гьаргь Вашаӡеи, Ника Гварамиеи, Николоз Мелиеи, Зураб Џьаҧариӡеи, Елене Хоштариеи, Мамука Хазараӡеи, Бадри Џьаҧариӡеи рзы ашьауҕатә ашьҭацалара алагара иазкны Қырҭтәыла апрокуратура иҟанаҵаз аҳәамҭа иақәҿнаҭит.
„Алде“ аҳәамҭаҿы ишазгаҭоу ала, Қырҭтәыла аоппозициаа рыбжьы рхәаҽит.
„Аоппозициаа рыбжьы рхәаҽит. Адемократиатә лидерцәа „аҳәынҭқарра иаҿагыло ацәгьаурақәа“ рзы ирышьҭацалоит. „Ақырҭуа гәахәтәы“ анапхгарала, Қырҭтәыла автократиа ахырхарҭала ирласӡаны ацара иаҿуп, адунеи ҿымҭ изаанхом. Адемократиа аганахьала зымҽхак дуу ажәылара мҩаҧысуеит. Европатәи алибералцәа Қырҭтәылаҿ ахақәиҭреи, адемократиеи, ауаҩытәыҩса изинқәеи ирзықәҧо зегьы ҕәҕәала ирыдгылоит“, – иануп асоциалтә аҳаҿы ALDE иаланарҵәаз аҳәамҭаҿы.